BBC – Америка афедералтә аӡбарҭа USAID аркра иазку аӡбара ааннакылеит, иара убас, уажәыҵәҟьа аусзуҩцәа рамхра иаҟәыҵроуп ҳәа ишьақәнаргылеит
Америка афедералтә аӡбарҭа USAID аркра иазку аӡбара ааннакылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит BBC.
Аҭыжьымҭа адыррақәа рыла, афедералтә аӡбаҩ Ҭеодор Чжуан идикылаз ақәҵара инақәыршәаны, Трамп иадминистрациа Жәларбжьаратәи аҿиаразы америкатә агентра аркра иазку ашьаҿақәа рыҟаҵара иаҟәыҵроуп.
Аӡбаҩ иажәақәа рыла, ари аӡбара Америка Аконституциа еиланагоит.
Чжуан Илон Маск анапхгара ззиуа адепартамент адҵа аиҭеит USAID аусзуҩцәа зегьы акомпиутертәи ахәшәаратәи системақәа рхархәара алшара рырҭарц.
Иара убас, аӡбарҭа ақәҵарала, уажәыҵәҟьа USAID аусзуҩцәа рамхра иаҟәыҵроуп.