Азербаиџьан аҳҭнықалақь Бақәа, иахьа аибашьраҿ аиааира азгәерҭеит арратә парад ала.
Апарад ихы алаирхәит атәыла ахада Ильҳам Алиев.
Иара убас апарад ихы алаирхәит Ҭырқәтәыла ахада Реџеп Таип Ердоӷан.
Апарад рхы аладырхәит 3000-ҩык арратә маҵзуҩцәа. Ицәырган 150 цыра аибашьыга техникеи аҷанхәҭақәеи.
Апарад аҿы дықәгылеит Азербаиџьан ахада.