Азербаиџьан Бақәа-Қарҭ-Анкара ахырхарҭала адәыӷба лас аушьҭра аҭахуп
Азербаиџьан Бақәа-Қарҭ-Анкара ахырхарҭала адәыӷба лас аушьҭра аҭахуп

Азербаиџьан Бақәа-Қарҭ-Анкара ахырхарҭала адәыӷба лас аушьҭра аҭахуп. Азербаиџьан аихамҩа анагӡаратә директор Азер Џьафаров ишааицҳаз, адәыӷба аилахәыра “Штадлер” аҟынтә аархәар ҟалап.

„Апандемиа аамышьҭахьтәи апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәынҭқарабжьаратә адгьылтә ҳәаақәа ааҳартыр, адәыӷба лас Бақәа-Қарҭ-Анкара  амаршрут аус аҳарур ҟалап”, – иҳәеит Азер Џьафаров.

Уажәы Азербаиџьани Қырҭтәылеи рыбжьара адгьылтә ҳәаа акоронавирус иазкыз аԥкрақәа рымзызла аркуп, ауааԥсыра атәылақәа рыбжьара анеиааира аҳаиртә мҩала мацара рылшоит.

Апандемианӡатәи апериод аан, Қарҭынтә Бақәа дәыӷбала ашҟа 12 сааҭ рыла иҟалон.