Китаи аҳәынҭқарратә аих - Китаи аҟынтә Германтәылаҟа адәыӷба Урыстәыла иакәшаны ицоит
Китаи аҳәынҭқарратә аих - Китаи аҟынтә Германтәылаҟа адәыӷба Урыстәыла иакәшаны ицоит

Китаи аҟынтә Германтәылаҟа адәыӷба Урыстәыла иакәшаны ицоит, – ари атәы аанацҳаит Китаи аҳәынҭқарратә аинформациатә агентра “Синҳуа”.

Аих ишаанацҳаз, аихамҩатә маршрут ҿыц Казахстани, Азербаиьани, румыниеи, Венгриеи, Словакиеи Чехиеи ирывсны, германтәылатәи ақалақь Манҳеим ахь инеиуеит.

Синҳуа аинформациа ала, Каспиатәи амшыни Амшын Еиқәеи рмаршрут ҿыци аихамҩатәи амшынтә мҩақәа рыла ишьақәгылоуп. Ари амаршрут ала аидара мшаԥы 13 рзы дәықәырҵеит. Адәыӷба аспорттә аалыҵ ала иҭәуп.

“Абри еиԥш амаршрут ҿыц аекспорт аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәантәалара алшоит”, – иануп аинформациа  аҿы.