Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ашьҭахь 30 шықәса аҵра инамаданы, Бақәа ауснагӡатә мҩаԥган
Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ашьҭахь 30 шықәса аҵра инамаданы, Бақәа ауснагӡатә мҩаԥган

Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ашьҭахь 30 шықәса аҵра инамаданы, Бақәа ауснагӡатә мҩаԥган.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз амчыбжь азы аиубилеитә амш инамаданы ауснагӡатә мҩаԥган Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  аҟны.

АсасааирҭаFour Seasons Baku аҿы имҩаԥгз аныҳәатә адкылараҿ еизаз асасцәа рҿаԥхьа дықәгылеит ацҳаражәҳәаҩ Зураб Патараӡе. Ақырҭуа дипломат дазааҭгылеит Қырҭтәылеи Азербаиџьани ирыбжьоу астратегиатә партниорреи ақәҿиарақәеи. Иаҵшьны иазгәаҭан Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев Қырҭтәылаҿ аҵыхәтәантәи ивизит аҵакы, ари авизит атәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы ибзиоу импульсын.

Иара убас Геидар Алиев ихан аҟны Азербаиџьан Акультура аминистрреи Қырҭтәыла акультура аминистрреи рыдгылара ала, имҩаԥысит ақырҭуа ашәаҳәареи акәашареи академиатә ансамбль “Ерисиони” агала-концерт.