Баҭым аҧшацәгьа ақалақьтә инфраструктура ҧхасҭанатәит
Баҭым аҧшацәгьа ақалақьтә инфраструктура ҧхасҭанатәит

Иаха Баҭым  аҧшацәҟьа иҟан. Ақалақь аинфраструктура аҧхасҭа аиуит, аҧша аҵлақәа канажьит, амашьына ласқәа аҧхасҭа роуит.  Аҧшацәгьа аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, афымцамҩангагақәа ҧхасҭахеит.

Баҭым ахадара адыррала, иахьа шьыжь инаркны ақалақьаҿ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧысуеит. Ақалақьтә маҵзурақәа зегьы арежим ҷыдаҿ аус руеит.