Азинхьчаҩцәа Бадри Есебуа дааныркылеит Џьихашькари ақыҭаҿ
Азинхьчаҩцәа Бадри Есебуа дааныркылеит Џьихашькари ақыҭаҿ

Актәи аканал аинформациала,  Џьихашкари ақыҭаҿ даанкылоуп Қырҭтәыла абанк жәыргьыҭтәи афилиал ақәларазы ахара зду Бадри Есебуа. Иаанкылараан иара идбалан амцабџьари апатронқәеи.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Есебуа иаанкылара иазкны макьана аофициалла  аҳәамҭа ҟарымҵацт.

2020 шықәса жьҭаара 21 рзы Бадри Есебуа, автомати агранатеи рыла деибыҭаны,   Қырҭтәыла абанк жәыргьыҭтәи афилиал дақәлан, 40ҩык ашасра иганы,   500 нызқь адоллар даҳәон. Сааҭқәак имҩаҧысуаз аоперациа ҷыда абзоурала, азинхьчаҩцәа ауаа рхақәиҭтәра рылшеит, аха, Есебуа ихаҭа, аҧара иманы, Ҵаленџьиха араион абнарашҟа дыбналеит.