Бадри Есебуа  13 шықәса аҭакра иқәырҵеит
Бадри Есебуа  13 шықәса аҭакра иқәырҵеит

Жәыргьыҭтәи араионтә аӡбарҭа ақәҵарала,   Жәыргьыҭ иҟоу Қырҭтәыла абанк афилиал  ақәларазы зус рыӡбоз  Бадри Есебуа 13 шықәса аҭакра иқәырҵеит.

Апрокуратура ари ацәгьауразы амаксималтә азыӡба  — 15 шықәса аҭакра иаҳәон, аха, аӡбаҩ Ека Бебиа Есебуа 13 шықәса аҭакра иқәылҵеит.

Бадри Есебуа 2020  шықәса жьҭаара 21 рзы  «Қырҭтәыла абанк» жәыргьыҭтәи афилиал ақәлара ихарарҵоит. Иара ихаҭа ари ахарадҵара дақәшаҳаҭым.

Идукатцәа ари азыӡба азашшра ргәы иҭоуп.

Бадри Есебуа  даанкылан  2023 шықәса жәабран 8  рзы.