Ажьырныҳәа 3-5 рзы Қырҭтәыла амш цәгьахоит
Ажьырныҳәа 3-5 рзы Қырҭтәыла амш цәгьахоит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррала, ажьырныҳәа  3-5 рзы Қырҭтәыла (бжеиҳарала мраҭашәаратә ахәҭаҿы) ақәа ауеит, ҭыҧқәак рҿы асоуреи, асыҭәҳәеи,  анаҟәеи, аҵааршәыреи иазыҧшуп, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асыҧса ашәарҭара ҟалоит.

Иара убас, аҳауагәаҭаҩцәа рҳәамҭала, амшынаҿ  3-4 абалл ашторм ҟалоит.

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентраҿ ишырҳәаз ала, амҩатә цыҧҵәахақәак рҿы аҧкрақәа шьақәдыргылар ауеит.