Ажьырныҳәа 1инаркны  7-нӡа Қарҭ ауаажәларратә транспорт апассаџьырцәа рымаҵ ауеит хәыҧсада
Ажьырныҳәа 1инаркны  7-нӡа Қарҭ ауаажәларратә транспорт апассаџьырцәа рымаҵ ауеит хәыҧсада

«Ажьырныҳәа 1инаркны  7-нӡа Қарҭ ауаажәларратә транспорт асааҭ 03:00-нӡа апассаџьырцәа рымаҵ ауеит хәыҧсада», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Каха Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Қарҭ аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

«Аметро, автобусқәа, амикроавтобусқәа, Риҟеи Нарикалеи еимыздо ашахамҩа  уҳәа, Қарҭ ауаажәларратә транспорт зегьы  ажьырныҳәа 1инаркны  7-нӡа,  асааҭ  03:00-нӡа апассаџьырцәа рымаҵ ауеит хәыҧсада. Аныҳәамшқәа раан ҳуааҧсыра рымаҵ зуа  «Қарҭтәи атранспорттә еилахәыра» аусзуҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп», — иҳәеит  Каха Калаӡе.