Азербаиџьантәи АИХқәа рдыррақәа рыла, мшаҧы инаркны,  Бақәа-Қарҭ-Бақәа ахырхарҭала аныҟәара иалагоит апассаџьыртә адәыҕба
Азербаиџьантәи АИХқәа рдыррақәа рыла, мшаҧы инаркны,  Бақәа-Қарҭ-Бақәа ахырхарҭала аныҟәара иалагоит апассаџьыртә адәыҕба

 

Мшаҧы инаркны,  Бақәа-Қарҭ-Бақәа ахырхарҭала аныҟәара иалагоит апассаџьыртә адәыҕба. Азербаиџьантәи АИХқәа ари аинформациа аладырҵәеит аиҳабыратә хыҵҵырҭа  адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Аинформациа ишану ала,  Азербаиџьани Қырҭтәылеи иашьашәалоу аорганқәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьеит.  Апассаџьыртә амҩангарақәа нарыгӡоит швеицариатәи аилахәыра «Штадлер» адәыҕбақәа рыла.

«Азербаиџьантәи аихамҩа» аҿы ишырҳәаз ала,  жәларбжьаратәи апассаџьыртә амҩангара аанкылан Азербаиџьан адгьылтә аҳәаа аркра амшала.