Азербаиџьан аҟны Иракли Ӷарибашвили ивизит иалагеит
Азербаиџьан аҟны Иракли Ӷарибашвили ивизит иалагеит

Азербаиџьан аҟны Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ивизит иалагеит.

Габалатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ имҩаԥган аԥылара ацеремониа.

Иракли  Ӷарибашвили аҳаирбаӷәазаҿ иԥылеит Азербаиџьантәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамови, Азербаиџьантәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәылаҿ Фатиг Гулиеви, Азербаиџьан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зураб Патараӡе. Габалаҿ Иракли Ӷарибашвили аделегациа алахәылацәа ицуп.