Ахә хыхтәи аҳәаа ззышьақәыргылоу ачымазара лаҽқәеи акьыба ачымазареи зхәышәтәуа апрепаратқәа реиқәыҧхьаӡа иацлеит
Ахә хыхтәи аҳәаа ззышьақәыргылоу ачымазара лаҽқәеи акьыба ачымазареи зхәышәтәуа апрепаратқәа реиқәыҧхьаӡа иацлеит

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациала, ареференттә ахәқәа ззышьақәыргылоу ахәшәқәа иаҳа ирацәахеит. Ахә хыхьтәи аҳәаа  рзышьақәыргылоуп  ачымазара лаҽқәеи акьыба ачымазареи зхәышәтәуа   1600 иреиҳаны апрепаратқәа.

«Ашықәс анҵәамҭанӡа иҵегьы 7 нызқь ахәшәқәа ареференттә ахәқәа рзышьақәҳаргылоит. Афармацевтикатә еилахәырақәа абарҭ ахәқәа иазҧхьагәарҭароуп. Зыӡбахәы ҳәоу ахәқәа  ацызҵо апҭекақәа ахараҧса ашәара рықәшәоит», — иануп Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациаҿы.