2000ҩык раҟара атәылауаа Агәабзиарахьчара аминистрра иадҵаалт украинаа рыцхрааразы  ашьа  рырҭарц азыҳәан
 2000ҩык раҟара атәылауаа Агәабзиарахьчара аминистрра иадҵаалт украинаа рыцхрааразы  ашьа  рырҭарц азыҳәан

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра Украина ауааҧсыра рыцхрааразы ашьа адонорцәа ррегистрациа ианалага анеҩс, аусбарҭа иадҵаалт  1963ҩык ауааҧсыра.

Қырҭтәыла Актәи аканал ари атәы азаарыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтәи.

Хәажәкыра 4 рзы Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ишаанацҳаз ала, ашьа азҭар зҭаху атәылауаа ацәаҳәа ҷыда  — 15 05 ахь аҭел асра, мамзаргьы асаит  don.moh.gov.ge аҿы арегитрациа рылшоит.  Аусбарҭа адыррақәа рыла, ашьа аҭара аҭаххар, арегистрациа иахысыз ауааҧсыра дрыдҵаалоит Агәабзиарахьчара аминистрра ахаҭарнак.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, ашьа Украинаҟа идәықәырҵоит агуманитартә цхыраара ҳасабала.