Абҕатә ажьышәатә атрофиа ачымазара змоу апациентцәа зыхә цәгьоу  ахәшә хәыда-ҧсада ироуеит
Абҕатә ажьышәатә атрофиа ачымазара змоу апациентцәа зыхә цәгьоу  ахәшә хәыда-ҧсада ироуеит

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра  аинформациа ала, аҳәынҭқарра зеиҧшҟамлац апроект анагӡара иалагеит.  Абҕатә ажьышәатә атрофиа ачымазара змоу апациентцәа зыхә цәгьоу  ахәшә хәыда-ҧсада ироуеит.

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ ари апрограмма иалахәы ҭаацәарак дырҭаааин, ишазгәеиҭаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу адиагноз змоу апациентцәа, рҭагылазаашьа иахьыҧшымкәа, еиҧҟьарада хәыда-ҧсада ахәшә роуеит.

Аминистрра адыррала,  абҕатә ажьышәатә атрофиа зыхәшәтәуа ахәшә флаконк  7 485 адоллар иаҧсоуп, уи 12 мштәи адоза ауп.