Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы аинтенсивтә тестирра апрограмма алҵшәақәеи, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы иҟоу аресурсқәеи, ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡашьеи иалацәажәеит
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы аинтенсивтә тестирра апрограмма алҵшәақәеи, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы иҟоу аресурсқәеи, ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡашьеи иалацәажәеит

Аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аинтенсивтә тестирра апрограмма алҵшәақәеи, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы аҭагылазаашьеи, аҧкрақәа рынагӡашьеи иалацәажәеит Аҧыза-министр инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аинтенсивтә тестирра апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьазы ҽнакала 20-21 нызқь атестқәа ҟарҵоит, аха, акоронавирус афактқәа рхыҧхьаӡара ацлом. Аепидемиологцәа ишырҳәаз ала, агәыҕра рымоуп атәылаҿы апозитивтә арбагақәа  28%-нӡа инеип ҳәа. 

​Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа даҽазнык атәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит авирус азы иҟазшьарбагоу асиптомқәа рызцәырҵыр, аҳәынҭқарра ахарџьла атест ҟарҵар ахьыҟало амедицинатә усбарҭақәа ирыдҵааларц, Қырҭтәыла зехьынџьара абри аҩыза  230 раҟара аклиникақәа иҟоуп. Арегионқәа инырқәыршәаны урҭ реиқәыҧхьаӡа жәбар шәылшоит аелектронтә ҭыӡҭыҧ – https://stopcov.ge/ka/klinikebi. аҿы.

Иара убас, ахеилак аилатәараҿы иазааҭгылеит асезонтә грипп аамҭа иадҳәаланы ицәырҵыр зылшо ашәарҭарақәеи авакцинациа апроцесси. Уажәтәи аҭагылазаашьа анализ азура ашьаҭа ала, Акоординациатә хеилак алахәылацәа  атаксиқәа рырныҟәцаҩцәа ирыбжьаргоит иашьашәалоу амедицинатә усбарҭақәа рышҟа инеины, асезонтә грипп аҽыхьчаратә лаҵа ҟарҵарц.  

Ахеилак алахәылацәа аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгаразы имҩаҧысуа аусурақәагьы ирылацәажәеит. Арҭ аусурақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп иаамҭаны авакциана аагареи, аинфраструктуреи алогистикеи аганахьала иаҭаху аҭагылазаашьақәа зегьы реиқәыршәареи. COVAX аплатформа инаваргыланы, активла аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит жәларбжьаратәи апартниорцәеи авакцина ҟазҵо аилахәырақәеи рҿгьы. Ари апроцесс иалахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәеи.  

Ахеилак алахәылацәа инарҭбаау аинформациа роуит агоспитальә сектор аҿы аиарҭаҭыҧқәа рыҟазаара аганахьала аҭагылазаашьеи иацҵаны ареанимациатә ҭыҧқәеи амедицинатә аибыҭареи ала аиқәыршәаразы имҩаҧысуа аусуреи иазкны. Ҷыдала иазгәаҭан аклиникатә сасааирҭақәа рроль, Аҧыза министр идҵала, уаҟа атерапиатә елементқәа ирҕәҕәоуп, аҵәыҵәри ала апациентцәа реиқәыршәара аганахьала изакәызаалак проблемак иҟам. Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала,  „Ҳолидеи Инн“, Ивериа Инн“, Рамада” уҳәа, аклиникатә сасааирҭа дуқәа русура иахылаҧшуеит аконкреттә клиникақәа, убри абзоаурала, уахь инагоу апациентцәа зегьы еиҧҟьарада амедицинатә хылаҧшра аҵаҟа иҟоуп, ахақьымцәа дара ргәабзиара аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит.  

Ахеилак алахәылацәа адунеи аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьагьы иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, адунеи аҿы акоронавирус ҿыркаахьеит  69 миллионҩык иреиҳаны ауааҧсыра, аҵыхәәтантәи 24 сааҭ рыла адунеи аҿы акоронавирус  643 000 афактқәа аарҧшын. Хшыҩзышьҭра ҷыда рызун  акоронавирус ахылаҧшра аганахьала адунеи аҿы иҟоу атенденциақәа.  

Иаҵшьны иазгәаҭан аепидемиологцәеи агәабзиарахьчара аекспертцәеи иҟарҵаз абжьагарақәа. Дара ишырҳәаз ала,  аҧкрақәа раҧыхра апроцесс мҩаҧгазароуп гәҽанызаара ду ала, избанзар аиҭаҵра азҳар, авирус аларҵәара ашәарҭарагьы ацлоит.  Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа шьаҭанкыла иҭырҵаауеит атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, ишьақәыргылоу аҧкрақәа ирхылҵуа алҵшәақәеи, урҭ рынагӡашьеи.    

Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәеи аепидемиологцәа рыбжьрақәеи  ишахәҭоу ала ишынагӡатәу,  асоциалтә дистанциа ахьчареи асабрадақәа рныҟәгареигьы уахь иналаҵаны. Аепидемиологцәа ишырҳәаз ала, аҧкрақәа шышьақәыргылоугьы, уажәазы зеиҧшҟамлац ала аҵакы ду амоуп асабрадақәа рныҟәгара, ари аганахьала иҟоу  65%-тәи арбага  90-95%-нӡа иазырҳатәуп.  

Ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡара ахылаҧшразы имҩаҧгаз ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистри Аџьаус аҭагылазаашьақәа ргаҭара адепартамент аиҳаби. Дара ишырҳәаз ала, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла азинхьчаҩцәа имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәа ирылҵшәаны атәыла амасштабла  арегулиациақәа реилагара 790 фактқәа аарҧшуп. Аполициа аусзуҩцәа  аҽыҧхьакра ма акарантин аҧҟара аилагаразы 53ҩык афизикатә хаҿқәа ахараҧса рықәырҵеит, урҭ иреиуп асааҭ 21:00 инаркны асааҭ 05:00нӡа аиҭаҵра аҧкра  еилазгаз ауааҧсырагьы. Уи адагьы,  аҵыхәәтантәи 24 сааҭ рыла, асабрада аныҟәгара аҧҟара аилагаразы ахараҧса рықәырҵеит  737ҩык атәылауаа. 

Қырҭтәыла аџьаус аинспекциеи, ахашәалахәтә маҵзуреи, афатәаалыҵ амилаҭтә агентреи аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла 631 обиектқәа гәарҭеит, урҭ рҟынтә ҿырҳәала ма аҩырала агәҽанҵара роуит  408 обиектқәа; Қарҭи Қәҭешьи 2 обиект ахараҧса рықәырҵеит; 43 обиектқәа русура аанкылоуп; еиҭагәаҭоуп 178 обиектқәа; иара убас, ҧхынҷкәын  1-9 рзы  3 543 обиектқәа реиҭагәаҭара аан ишышьақәыргылаз ала,  абарҭ аобиектқәа онлаин маҵзурашҟа ииасит, ма иҳәаақәҵоу аҳәарақәа зегьы  нарыгӡоит.