Аурысцәа аракетақәа рыла Одесса арра-ахәаахәҭратә порт иалахысит
Аурысцәа аракетақәа рыла Одесса арра-ахәаахәҭратә порт иалахысит

Аурысцәа ԥшь ракетак рыла Одесса арра-ахәаахәҭратә порт иалахысит. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа.

Иҟоу адыррақәа рыла, урыстәылатәи ар “Калибр” акруизтә ракетақәа рыла апорт алахысит.

Иларҵәаз аинформациа ала, аракетаҭархага хыхьчара мчқәа ҩракетак  карыжьит, егьырҭ ҩракетак порт аинфраструктура иаахеит.