Аукраин жәлар рыдгыларазы Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы имҩаҧнагаз агәыҳалалратә марафон аҿы еизган 674 380 лари
Аукраин жәлар рыдгыларазы Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы имҩаҧнагаз агәыҳалалратә марафон аҿы еизган 674 380 лари

Аукраин жәлари Украина Ауаажәларратә дырраҭареи рыдгыларазы Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы имҩаҧнагаз агәыҳалалратә марафон «Ҳара Украиназы» аҿы еизган 674 380 лари.

Агәыҳалалратә марафон Қырҭтәыла Актәи аканал,  Аџьар Ҟаҧшь ацхыраарала мҩаԥган.

Агәыҳалалратә марафон рхы аладырхәит ақырҭуа ашәаҳәаҩцәа, амарафон аҿы инагӡан Актәи аканал амузыкатә проектқәа рҟынтә акомпозициақәа.

Европа адырраараа реидгыла зеиԥшҟамлац ала иакуп – ари ауаажәларратә дырраҭарақәа реидгылара ауп Европа зегь аҿы, амарафон  Варшава алагеит, иахьа Қарҭ мҩаԥысуеит, уаҵәы – Прага, уи ашьҭахь Таллини Бухарести, Европа ақалақь дуқәа рҿы амарафонқәа зегьы мҩаԥгахоит, хақәкыс иҳамоуп украинтәи ажәлар рыцхыраара.