Ауаажларратә дырраҭараҿы зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рыдгылара иазку апроект иалагоит
Ауаажларратә дырраҭараҿы зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рыдгылара иазку апроект иалагоит. Абри азҵаара иадҳәаланы иахьа Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвилии апроект аҿы аус зуа агәыҧи апрессконференциа мҩаҧыргеит.
Апрессконференциаҿы ишырҳәаз ала, АИХ рзы анапхгага ҷыда аҧырҵоит, уи зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ирызку азҵаарақәа раарҧшреи рылацәажәареи, ахымҩаҧгашьеи иазку анапхгагахоит. Адокумент еиқәдыршәоит аҭҵаарақәеи, апрофессионалтә литературеи, иреиҕьу жәларбжьаратәи аҧышәеи рышьаҭа ала. Адокумент аӡыргара мҩаҧыргоит цәыббразы.
«Абри апроект Ауаажәларратә дырраҭара иреиҕьу апроектқәа иреиуп ҳәа сгәы иаанагоит, уи зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рыцхраареи рыдгылареи иазкуп. АИХ рзы анапхгага ҷыда аҧаҳҵоит.
Ажурналистцәеи, аҭыхҩцәеи, апродиуссерцәеип атренингқәа рзымҩаҧаагоит. Атренингқәа мҩаҧыргоит зылшарақәа маҷу ауааҧсырагьы.
Аҭыҧантәии жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа ари ахырхарҭала аусура ду шымҩаҧыргогьы, зылшарақәа маҷу ауааҧсыра иахьагьы рзинқәа рхархәара рцәыуадаҩуп.
Ауаажәларратә дырраҭаразы ахадаратә хықәкқәа иреиуп ауаажәларратә гәыҧқәа зегьы ринтересқәа раарҧшреи иҳаракӡоу аусуратә стандартқәа раларҵәареи», — илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.