Австриа, ақаруа ԥштәы змоу аҩы афестиваль ақырҭуа аҩыҟаҵаҩцәа рхы аладырхәоит
Аҩы амилаҭтә агентреи Австриа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара адгылареи рыла, 30 рҟынӡа ақрыҭуа ҩыҟаҵаратә еилахәырақәа Австриа аҳҭнықалақь Вена имҩаԥысуа ақаруа ԥштәы змоу аҩы афестиваль Orange Wine Festival рхы аладырхәоит.
Orange Wine Festival шықәсык иалагӡаны ҩынтә-хынтә мҩаԥысуеит.
Афестиваль аҿы ицәырган 13 тәыла рҟынтә: Қырҭтәыла, Австриа, Чехиа, Франциа, Италиа,Венгриа,Хорватиа, Польша, Испаниа, Словениа, Сербиа,Словакиа, Британиа Ду 100-ҩык ҩыҟаҵаҩцәа иҟарҵо 350-нӡа аҩы ахкқәа. Афестиваль асасцәа рацәаны иаҭааит.
Австриа аҳҭнықалақь Вена имҩаԥысуа афестиваль ахь днеит Австриатәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла аамҭалатәи ахаҭарнак Александре Маисураӡе.