Австриа адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Аоппозициатә лидерцәа рбаандаҩтәрала даҽа гәаанагарак ахәаҽра ҳзақәшаҳаҭхом
Австриа адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Аоппозициатә лидерцәа рбаандаҩтәрала даҽа гәаанагарак ахәаҽра ҳзақәшаҳаҭхом

«Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа иаҳа-иаҳа ашәарҭара иҭагылоит, аоппозициеи атәылауаҩратә уаажәларреи иаҳа ирҕәҕәаны ирықәыҕәҕәоит», — илҳәеит Австриа адәныҟатәиа усқәа рминистр  Беате Маинл-Раизингер.

Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ирылацәажәеит Бриуссель имҩаҧгаз Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхеилак аҿы.

«Сара даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭеит Қырҭтәыла аиҳабыра атәылауаҩратә уаажәларра рҟны аконструктивтә диалог амҩаҧгара шрыхәҭоу, дара ажәеи аизарақәеи рхақәиҭра еиқәдыршәароуп.  Аоппозициатә лидерцәа рбаандаҩтәрала даҽа гәаанагарак ахәаҽра ҳзақәшаҳаҭхом. Ҳара европатәи амҩаҿы Қырҭтәыла ҳацхраар ҳҭахуп», — илҳәеит аминистр.