Аветерацәа русқәа рзы аҳәынҭқарратә маҵзура ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Актәи аканал аусзуҩцәа Ақырҭуа журналистика амш рыдырныҳәалеит
Аветерацәа русқәа рзы аҳәынҭқарратә маҵзура ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Актәи аканал аусзуҩцәа Ақырҭуа журналистика амш рыдырныҳәалеит

Аветерацәа русқәа рзы аҳәынҭқарратә маҵзура ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Актәи аканал аусзуҩцәа Ақырҭуа журналистика амш рыдырныҳәалеит.

Украина имҩаҧысуа аибашьра аазырҧшуа ажурналистцәеи аҭыхыҩцәеи асимволтә ҳамҭақәа роуит.

«Зыҧсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, аибашьраа аҭыҧ аҟынтә ажәлар аинформациа иаша рызҭо ауааҧсыра зегьы иахьатәи амш рыдысныҳәалоит », — иҳәеит Аветеранцәа русқәа рзы аҳәынҭқарратә маҵзура анапхгаҩы  Коба Кобалаӡе.

Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили ишылҳәаз ала,  аибашьраан  ажурналистцәа русура ашәарҭара ду ацуп. Украина имҩаҧысуа аибашьра иазкны ажәлар аинформациа иаша рызҭо ауааҧсыра зегьы асимволтә ҳамҭақәа роуит.

«Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп –  ҳара ҳзы есымша ажурналистика мшуп. Ҷыдала, уажәтәи ҭагылазаашьаҿы, ҳгәыҧқәа аибашьра аепицентр аҿы, Киев аус руеит. Уажәы гәыҧк Львовҟа ихынҳәит, уаантәи аус руеит ауаа ииашоу аинформациа рырҭарц азыҳәан.  Аибашьраан ажурналистцәеи аҭыхыҩцәа русура ашәарҭара ду ацуп. Рхы шымҩаҧыргаша рдыруазарц азыҳәан адокумент ҷыда еиқәҳаршәеит. Аха, даҽазнык еиҭасҳәоит, ашәарҭара дууп, ҳара ари азҵаара аҭакҧхықәра ду ала ҳазныҟәоит. Ишысҳәаз еиҧш, агәыҧ Украинантә аус ауеит. Ихынҳәхьоу журналистцәа ирылшо зегьы ҟарҵеит ҳуааҧсыра аинформациа иаша роурц азыҳәан, иахьа дара асимволтә ҳамҭақәагьы роуит», — илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.