Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрраҿы еиҿкаауп авакцинациазы заанаҵы ашәҟәы аҽҭаҩра иазку апортал, уи хықәкыс иамоуп авакцина ҟазҵар зҭаху ауаа рхыҧхьаӡара аилкаара.
Аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, асаит ацхыраарала, атәылауаа, дара ирҭаху авакцина алхны, заанаҵы арегистрациа иахысыр рылшоит. Убри азыҳәан арегистрациатә форма хадырҭәаароуп.
«Атәылауаа, авакцинақәа реиқәыҧхьаӡа аҟынтә дара еиҕьаршьо 3 вакцинак иреиҳамкәа алырхыр рылшоит. Убри ашьҭахь хаҭалатәи аинформациа хадырҭәаароуп», — иануп Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациаҿы.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, арегистрациа иахысыр рылшоит 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаа.
Авакцинациазы заанаҵтәи арегистрациа апортал аҭыӡҭыҧ: https://www.moh.gov.ge/covid-chart/register/welcome