Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра - Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь агәыԥ ҷыда хаҭарнакцәа инеиаанӡа, ацәгьоуҩы иҽишьит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра - Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь агәыԥ ҷыда хаҭарнакцәа инеиаанӡа, ацәгьоуҩы иҽишьит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Сагареџьо иҟалаз ахҭыс иазку аинформациа аланарҵәоит.

“Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу агәыԥқәа русуҩцәа Сагареџьотәи араион аҟны амобилизациа рзууп, урҭ аусԥгааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, 1974 шықәсазы ииз Н.А. аҩнеихагыла ду абарҵантә ахысра далаган, ԥшьҩык ҭахеит, аҩны ашҭаҿ хәҩык ахәрақәа роуит.

Ацәгьауҩы аполициа аусуҩцәа рхырхарҭалагьы ахысра далагеит, дҭахеит аполициа хаҭарнакык.

Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь агәыԥ ҷыда хаҭарнакцәа инеиаанӡа, ацәгьоуҩы иҽишьит.

Аусшаара хацыркуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 109-тәи ахәҭаҷ “л” апункти 236-тәи ахәҭаҷ ахԥатәи ахәҭеи рыла – гәтакылатәи ауаҩшьреи ахымцабџьар изакәанымкәа аҵәахра-аныҟәгареи“, –иазгәаҭоуп аминистрра аинформациа аҿы.