Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә информациала, Сагареџьо аҭыԥ змаз ахысраан хәҩык ҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә информациала, Сагареџьо аҭыԥ змаз ахысраан хәҩык ҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә информациала, Сагареџьо аҭыԥ змаз ахысраан хәҩык ҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит. Аинформациа инақәыршәаны, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу агәыԥқәа Сагареџьо амобилизациа рзууп, имҩаԥысуеит аоперативтә-усԥшааратә уснагӡатәқәа.

“Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, 1974 шықәсазы ииз Н.А. аҩнеихагыла ду абарҵантә ахысра далаган, ԥшьҩык ҭахеит, аҩны ашҭаҿ хәҩык ахәрақәа роуит.

Ацәгьауҩы аполициа аусуҩцәа рхырхарҭалагьы ахысра далагеит, дҭахеит аполициа хаҭарнакык.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҭыԥ ахь иацҵаны амчқәа рмобилизациа ашьҭахь, ацәгьоуҩы иҽишьит.

Аҭыԥ аҿы аус руеит иашьашәалоу агәыԥқәа рспециалистцәа”, – иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз адырраҿ.