Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Gallup ицәырнагеит есышықәсатәи аглобалтә индекс «Азакәани аиҿкаареи», уи инақәыршәаны, 2022 шықәсатәи аҳасабырба иаҿоурҧшыр, Қырҭтәыла аиндекс еиҕьхеит
«Жәларбжьаратәи аҭҵааратә аиҿкаара Gallup ицәырнагеит есышықәсатәи аглобалтә индекс «Азакәани аиҿкаареи». Аҭҵаарақәа мҩаҧган 2022 шықәса нанҳәа 8 инаркны жьҭаара 31-нӡа, ишиашо аинтервиу асахьала 1000ҩык ареспондентцәа ргәаанагара еилкаан», — аарыцҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.
«Аҭҵаара алҵшәақәа инрықәыршәаны, 2022 шықәсатәи аҳасабырба иаҿоурҧшыр, сынтәа Қырҭтәыла аиндекс еиҕьхан, 87 абалл иаҟарахеит. Зыӡбахәы ҳәоу аиндекс инақәыршәаны, Қырҭтәыла абарҭ атәылақәа раҧхьа игылоуп: Франциа, Италиа, Австралиа, Венгриа, Бельгиа, Канада, Иапониа, Хорватиа уҳәа, убас егьырҭгьы», — иануп аинформациаҿы.