Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азакәандаратә миграциа аҿагылареи атәымуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи жәларбжьаратәи ахьчара рзеиқәырәшареи иазку азакәанахь аҧсахрақәа армазеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азакәандаратә миграциа аҿагылареи атәымуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи жәларбжьаратәи ахьчара рзеиқәырәшареи иазку азакәанахь аҧсахрақәа армазеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азакәандаратә миграциа аҿагылареи атәымуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи жәларбжьаратәи ахьчара рзеиқәырәшареи иазку азакәанахь аҧсахрақәа армазеит.

Азакәанпроект апарламентахь идәықәҵоуп.

«Зыӡбахәы ҳәоу аҧсахрақәа рпакет ирмазеиуп Европарламенти Европа Ахеилаки рыбжьагарақәа иазҧхьагәаҭаны.

Аҧсахрақәа инрықәырәшаны, Ашьауҕатә закәанеидкыла иацлоит ахьырхәра ҿыц  — атәымуаҩ Қырҭтәыла иалцареи иҳәаақәәоу аҿаҳәара иалагӡаны атәыла алалара азин имхреи. Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ аҟазаара аҧҟарақәа еилазго атәымтәылауаа рзы ахараҧса иацлоит, закәандарала атәылаҿ иҟоу атәымтәылауаа ралцара апроцедура акырӡа имариахоит.

Ахыҵакырҭа аиура иазкны аҳәара ҟазҵо атәымуаа рыҳәара иахәаҧшуеит аҳәынҭқарратә аҳәааҿыҵәҟьа, атәымуаҩ Қырҭтәыла аҵакырадгьылахь днаммышьҭкуа», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.