Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аланарҵәеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла ар алахәыла Анна Лакоба Қырҭтәыла дыҟоуп ҳәа аихқәа рҿы аларҵәара зауз адырра иазкны аҳәамҭа ҟанаҵеит..

Аусҳәарҭа аинформациа ала, Анна Лакоба Қырҭтәыла дыҟан 2018 шықәсазы.

“Ауаажәлар ринтерес ду иазыԥхьагәаҭаны, Урыстәыла ар алахәыла Анна Лакоба Қырҭтәыла дыҟоуп ҳәа аихқәа рҿы аларҵәара зауз адырра иазкны аинформациа шәыдаагалоит.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу маҵзура аинформациа инақәыршәаны, Украинатәи ареспублика атәылауаҩ Ganna ILYasova (ауааԥсыра дырдыруеит Анна Лакоба лыхьӡ ала), Қырҭтәыла дыҟан 2018 шықәсазы.

Лара аҳәаа дахыҵит Украинатәи ареспублика атәылауаҩшәҟәы ала.

2018 шықәса рышьҭахь ари ахаҿы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа дахысит ҳәа адыррақәа иҟам.

Ҳзыхцәажәоу ахаҿы Қырҭтәыла аҳәаа ахысраан илымаз адокумент аҿы Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирызку Қырҭтәыла азакәан аилагара афакт аарԥшымызт”, – иануп аҳәамҭа аҿы.