Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациа - 11 мзы рзы Қырҭтәыла хәмиллион ҩык рҟынҿа жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган
Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациа - 11 мзы рзы Қырҭтәыла хәмиллион ҩык рҟынҿа жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган

Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациа ала, 2022 шықәса 11 мз рзы Қырҭтәыла хәмиллион ҩык рҟынҿа жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган.

Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, 2022 шықәса абҵаразы Қырҭтәыла 471 165-ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган, ари арбага 2021 шықәсатәи нанҳәатәи арбага аҵкьыс +160.4% рыла еиҳауп.

Абҵаразы Қырҭтәыла  299,605-ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган,  2021 шықәса ԥхынгәы мза еиҿҳарԥшыр, ари арбага +97.9% рыла еиҳауп, 2019 шықәсатәи арбага еиҿҳарԥшыр, атуристтә визитқәа 88.4% рыла еиҭашьақәгылоуп.

2022 шықәса ажьырныҳәа-абҵара рзы Қырҭтәыла 3,348,333-ҩык жәларбжьартәи аҭааҩцәа иаҭааит, 2021 шықәса 11 мзтәи арбага еиҿҳарԥшыр, сынтәатәи арбага  +133.7% рыла еиҳауп, 2019 шықәсатәи арбага еиҿҳарԥшыр, атуристтә визитқәа  70.2 % рыла еиҭашьақәгылоуп.