Атуризм азы администрациа - Фымз рзы Қырҭтәыла 2 860117-ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган
Атуризм азы администрациа - Фымз рзы Қырҭтәыла 2 860117-ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган

Атуризм амилаҭтә администрациа  ажьырныҳәа-рашәара амзқәа раантәи жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа ирызку адыррақәа аланарҵәеит.

Атуризм азы амилаҭтә администрациа апрессмаҵӡура аинформациа ала, актәии аҩбатәи акварталқәа рзы Қырҭтәыла 2 860117-ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган, уи ала апандемианӡатәи аамҭазы иҟаз арбага 74% рыла еиҭашьақәгылоуп.

“2023 шықәса фымз рзы Қырҭтәыла 1 930 483 -ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган, ари арбага 2019 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭазы иҟаз арбага аҵкьыс +90.8%% рыла еиҳауп, 2022 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭазы иҟаз арбага аҵкьыс +59.6 рыла еиҳауп.

2023 шықәса аҩбатәи аквартал азы Қырҭтәыла  1 651 655-ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган, уи ала апандемианӡатәи аамҭазы иҟаз арбага 73.6% еиҭашьақәгылоуп,  2022 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭазы иҟаз арбага аҵкьыс азара +59.6% иаароуп.

2023 шықәса мшаы-рашаразы Қырҭтәыла 1 085151 -ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган, ари арбага 2019 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭазы иҟаз арбага 87.2% рыла еиҭашьақәгылоуп, 2022 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭазы иҟаз арбага аҵкьыс +44.8% рыла еиҳауп”, – иануп аинформациа аҿы.