Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентра адиректор ишааицҳаз ала, ажәылара амшала Запорожиетәи атомтә афымцалашаратә станциа ареактор ахьчага конструкциа аԥхасҭа аиуит
Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентра адиректор ишааицҳаз ала, ажәылара амшала Запорожиетәи атомтә афымцалашаратә станциа ареактор ахьчага конструкциа аԥхасҭа аиуит

Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентра адиректор Рафаель Мариано Гросс  ишааицҳаз ала, ажәылара амшала Запорожиетәи атомтә афымцалашаратә станциа ареактор ахьчага конструкциа аԥхасҭа аиуит.

Гросс иажәақәа рыла, мшаԥы 7 рзы атомтә станциа аҵакыраҿ адрон ԥжәеит, аха аԥырҩы дызҭам аппарат изтәыз имҳәаӡеит.

Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентра адиректор ишааицаз, ажәылараан ахәрақәа иоуит аӡәы, аԥхасҭа роуит астанциа афконструкциак. Агентра аинформациала, абиошәарҭа иҟам, аха абарҭ еиԥш аинцидентқәа ареактор ахьчага система аԥхасҭатәра рылшоит.

Рафаель Мариано Гросс ишазгәеиҭаз, Запорожиетәи астанциа аганахьала жьҭаара ашьҭахь ажәылара мҩаԥгамызт.

Уырстәылатәи аган адыррақәа рыла, адронқәа украинаа иртәын. Украинатәи аган ажәыларазы аҭакԥхықәра урыстәылатәи аган ақәнаҵоит.