Атомтә енергиа жәларбжьаратәи асистема иалалеит Қырҭтәыла
Атомтә енергиа жәларбжьаратәи асистема иалалеит Қырҭтәыла

Қырҭтәыла иалалеит Атомтә енергиа жәларбжьаратәи агентра Арадиациа ахылаԥшра жәларбжьаратә асистема (IRMIS). Ари атәы аарыцҳаит  Қырҭтәыла апсабарахьчаратә министрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациала, агәыцәтәи арадиациатәи шәарҭадаразы агентра изтәу аԥсабараҿ арадиациатә фон амонитоинг мҩаԥызго астанциа аҟынтә арадиоактивтә шәахәаушьҭра иазку адырра автоматла IRMIS асистема иалаланы, жәларбжьаратә хсаала ианылоит.

Қырҭтәыла амоу жәларбжьаратә хыдқақәа рышьаҭала иаԥҵаз IRMIS асистема, агәыцәтәи арадиологиатәи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан заанаҵтәи ашәарҭарардырреи урҭ рықәҿы́ҭреи рпроцесс аҿы ихадоу амеханизмуп.

Атомтә енергиазы жәларбжьаратә агентра аинцидентқәеи иҷыдоу аҭагылазаашьақәеи рцентр адиректор иажәақәа рыла, асистема аҽалархәра жәларбжьаратә аусеицура арӷәӷәоит.