"Атәым агентцәа рҭаҩра иазку" Қырҭтәыла азакәан иазкны Каиа Калласи Марта Коси аҳәамҭа еицыҟарҵеит
“Атәым агентцәа рҭаҩра иазку” Қырҭтәыла азакәан атәыла адемократиазы шьҭахьҟа ацара ауп иаанаго, – иануп Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадареи рызҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу азаҭарнак, еврокрмиссиа вице-ахада Каиа Калласи Арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар Марта Коси еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, Евроеидгыла Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара амҩашҟа ахынҳәра ахцәажәара азыхиоуп, аха анапхгара адемократиатә шьҭаҟацара аанакылароуп.
“Атәым агентцәа рҭаҩра иазку” Қырҭтәыла азакәан Қырҭтәыла азакәан атәыла адемократиазы шьҭахьҟа ацара ауп иаанаго. “Адырраҭара иазку” азакәани “Агрантқәа ирызку” азакәани аҵыхәтәантәи аамҭазы ирыдыркылаз азакәанқәеи рыдкылара ала анапхгара даҽа агрессиатә аӡбамҭа аднакылеит еиԥшым агәаанагара аарԥшра аԥырҟәҟәааразы, ахаҟәиҭра аԥкразы, активистцәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, зхы иақәиҭу аихқәеи русзура аԥырхагаразы.Арҭ арепрессиатә ӡбамҭақәа Қырҭтәыла адемократиатә ашьаҭақәа рыҟазаара ашәарҭа ҭадыргылоит.
2024 шықәса рашәареи жьҭаареи рзы ирыдыркылаз аӡбамҭақәа рҿы Европатәи ахеилак шьақәнарӷәӷәеит абри еиԥш акурс Қырҭтәыла Евроеидгыла ахь амҩазы шшәарҭаз. Алалара апроцесс де-факто аанкылоуп. Евроеидгыла Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара амҩашҟа ахынҳәра ахцәажәара азыхиоуп, аха анапхгара адемократиатә шьҭаҟацара аанакылароуп”, – иануп аҳәамҭа аҿы.