Атәылахьчара аминистрреи израильтәи аилахәыреи автоматтә амцабџьар  М-4 аҟаҵара иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Атәылахьчара аминистрреи израильтәи аилахәыреи автоматтә амцабџьар  М-4 аҟаҵара иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Ашықәс анҵәамҭазы,  «Дельта» аҵакырадгьыл аҿы,  автоматтә амцабџьар М-4 аҟаҵаразы ақырҭуа-израильтәи аилахәыра ҿыц аадыртуеит.

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрраҿы ишаарыцҳаз ала,  иахьа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡеи израиальтәи аилахәара ахаҭарнакцәеи.  «Дельты» адгылара ала иаадыртуа аилахәыра ҿыц ҳаамҭазтәи ашьақәыргыламҭақәа рыла еибыҭазаауеит.

Аҭыҧантәи автоматтә амцабџьар  М-4 аҟаҵара иалагеит Иракли Ҕарибашвили атәылахьчара аминистрс даныҟаз.

Атәылахьчара аминистрра адырра ала,  ҳаҧхьаҟа абри апроцесс иаҳа арҭбаареи,  еиуеиҧшым амцабџьари аксессуарқәеи рыҟаҵареи ргәы иҭоуп.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,  иҟарҵо абџьар  Атәылахьчаратә мчқәа ирырҭоит,  иара убас,  аекспорт  ашҟа адәықәҵарагьы ргәы иҭоуп.