Ателешоу  «МастерШеф»  агастрономиатә ацҳаражәҳәаҩ астатус анашьоуп

Қырҭтәыла агастрономиатә ассоциациа аӡбара ала,  Қырҭтәыла Актәи аканал ателешоу  «МастерШеф» агастрономиатә ацҳаражәҳәаҩ астатус анашьоуп.

«Шәара имҩаҧыжәго аусура  ақырҭуа кулинариа аҿиаразы аҵакы ду амоуп», — ирҳәеит Ақырҭуа гастрономиа  ассоциациаҿы.

Ассоциациаҿы ишырҳәаз ала, ақырҭуа гастрономика ацҳаражәҳәаҩ  —  акультуреи, аресторантә бизнеси,  аҵарадырратә гәыҧқәеи, ашоубизнеси, алитературеи, аспорти, ажурналистикеи, адипломатиатә маҵзуреи рхаҭарнакцәа иранаршьо иформалым астатус ауп.