"Аҷара групи" ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара афинанстә корпорациа рыдгылара ала, Абасҭумани асасааирҭа "Румс" аартхоит
"Аҷара групи" ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара афинанстә корпорациа рыдгылара ала, Абасҭумани асасааирҭа "Румс" аартхоит

“Аҷара групи” ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара афинанстә корпорациа рыдгылара ала, Абасҭумани аҭоурыхтә сасааирҭа “Аразиндо” дырҽеиуеит, иара убас аартхоит  асасааирҭа “Rooms Hotel”. Иашьашәалоу афинанстә аиқәшаҳаҭра иахьа рыбжьрҵеит. Ацеремониа Қарҭ, асасааирҭа “Стамбаҿ” мҩаԥган.

Ауснагҿатә далахәын Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.

Ацҳаражәҳәаҩ лажәақәа рыла, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Самцхе-Џьавахеҭтәи арегион аҟны 300 аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа еиҿкаахоит, иацҵаны иаларҵо аинвестициа 3.5 миллион америкатә доллар иаҟароуп.

Келли Дегнан ишазгәалҭаз, 30 шықәса ирылагӡаны Қырҭтәыла аекономика аҿиараҿы ЕАШ алагала дууп. ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара афинанстә корпорациа Қырҭтәыла 800 миллион доллар иреиҳаны аинвестициа аланагалеит.