Аҷара атуристтә сезон иахьа аартхоит
Аҷара атуристтә сезон иахьа аартхоит

Аҷара атуристтә сезон иахьа официалла аартхоит. Аҷара атуризм азы адепартамент аинформациа ала, баҭымтәи абульвар аҿы еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит. Урҭ иреиуоуп апантомима атеатра ақәгылара, авиашоу, абалет,  аԥхынтәи атеатр аҿы DJ иқәгылара.

Аҷара атуризм азы адепартамент аҟынтә ишаарыцҳаз ала, арегион аҿы аартхоит амузеиқәа зегьы, Петра абаа, Гониотәи абаа-музеи. Аҭааҩцәа амузеиқәа рбара хәыԥсада ирылшоит. Баҭымтәи аҳәынҭқарратә драматә театр ашҭаҿ асасцәа ирыдаргалоит аспектакль “Ҳелладос”.