Аҷара аиҳабыратә ҩны аҧхьа иҟалаз аиҿагылара аан аӡә даанкылоуп, даҽаӡәы иусеилырага иалагеит
Баҭым, Аҷара аиҳабыратә ҩны аҧхьа иҟалаз аиҿагылара аан аӡә даанкылоуп, даҽаӡәы иусеилырага иалагеит, — ари атәы ааицҳаит Аҷара аполициатә департамент анапхгаҩы Константин Ананиашвили.
Иара убас, иара ишиҳәаз ала, иаанкылоу Иракли Чхвиркиа 2018 шықәса хәажәкыразы Баҭым иҟалаз аилаҩынтәра далахәын.
Чхвиркиа даанкылоуп ахулиганреи аполициа рҳәатәы ахаҵамреи амшала.