Астатистикатә маҵзура - 2024 шықәсазы Қырҭтәыла аинфлиациа аҩаӡара 1,9% иаҟаран
«2024 шықәсазы Қырҭтәыла аинфлиациа аҩаӡара 1,9% иаҟаран, ҧхынҷкәын азы 0,7% аинфлиациа иҟан», — ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Астатистикатә маҵзура.
Астатистика амаҵзура адыррақәа рыла, 2024 шықәсазы ауҭраҭых ахә иацлеит 16%, ашьақари ахаатәқәеи рахә — 7%, алкоголь злам арыжәтәқәа — 5%. Аҧсыӡ ахә цәгьахеит 5% рыла, акәац ахә – 1%.
Амилаҭтә статистикатә маҵзура адыррақәа рыла, 2024 шықәсазы ашәыри ахшлыҵи рыхә ацымлеит. 2025 шықәсазы иҟоу азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, аҳәынҭқарратә биуџьет иазку азакәан аҿы иарбоуп 1% аинфлиациа.