"Астатистика амилаҭтә маҵзура" – Ажьырныҳәа инаркны цәыббранӡа Қырҭтәылантә аекспорт зегьы реиҳа  идуун Азербаиџьанҟа
"Астатистика амилаҭтә маҵзура" – Ажьырныҳәа инаркны цәыббранӡа Қырҭтәылантә аекспорт зегьы реиҳа  идуун Азербаиџьанҟа

Астатистика амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла,  2023 шықәса ажьырныҳәа инаркны цәыббранӡа,  Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы  аекспорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа  80,5% иаҟаран.

Астатистика амилаҭтә маҵзура аинформациа инақәыршәаны,   Азербаиџьан актәи аҭыҧ ааннакылоит,  ари атәылашҟа Қырҭтәылантә идәықәҵан  632,7 миллион адоллар рыхә аекспорт,  аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп Шәамахьтәыла  — 601,5 миллион адоллар, ахҧатәи аҿы Урыстәыла — 511,8 миллион адоллар.

Аимпорт аганахьала, 2023 шықәса ажьырныҳәа инаркны цәыббранӡа,  Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы  аимпорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа  70,8%. иаҟаран. Аҧхьагылара рымоуп  Ҭырқәтәыла  – 1861,2 миллион адоллар, Америка  — 1 399,4 миллион адоллар, Урыстәыла  — 1 364,3 миллион адоллар.

Иара убас, Амилаҭтә астатистикатә маҵзура аинформациа ишану ала, 2023 шықәса ажьырныҳәа инаркны цәыббранӡа, аекспорттә категориақәа рыгәҭа аҧхьагылара рымоуп амашьына ласқәа, атәыла иалган  1 566,1 миллион адоллар рыхә амашьынақәа, уи аекспорт наӡа аҟынтәи 34,0%-оуп.