Астатистика -  2024 шықәса хәажәкыразы Қырҭтәыла шықәсыктәи аинфлиациа  0,5 наӡына иаҟаран
Астатистика -  2024 шықәса хәажәкыразы Қырҭтәыла шықәсыктәи аинфлиациа  0,5 наӡына иаҟаран

Астатистика амилаҭтә маҵзура адыррала,  2024 шықәса хәажәкыразы Қырҭтәыла аинфлиациа аҩаӡара  0,01 наӡына иаҟаран, шықәсактәи аинфлиациа  — 0,5 наӡына.

Абазатә инфлиациа иадҳәаланы Астатистика амилаҭтә маҵзурантә ишаарыцҳаз ала,    2024 шықәса хәажәкыразы ари арбага  2,4 наӡына иаҟаран, шықәсыктәи абазатә инфлиациа, аҭаҭын аламҵакәа,  2,3 наӡына иаҟаран.

«Мызктәи аинфлиациа арбагазы, бжеиҳарала, анырра аман абарҭ агәыҧқәа рҿы ахәқәа рацлара: атранспорт ахә ацлеит  0,8 наӡына. Атранспорттә маҵзура ахәгьы шьҭыҵит  (1,3 наӡына); еиуеиҧшым атауарқәеи амаҵзуреи рыхә азҳаит 1,4 наӡынала. Агәабзиарахьчара агәыҧаҿ ахәқәа маҷхеит  1,5 наӡынала», — иануп Астатистика амилаҭтә маҵзура аҳасабырбаҿы.