"Астатистика амилаҭтә маҵзура" - 2023 шықәса ахҧатәи акварталаз ақырҭуа аныҟәаҩцәа аҳәаанырцә инырхит  592 миллион лари
"Астатистика амилаҭтә маҵзура" - 2023 шықәса ахҧатәи акварталаз ақырҭуа аныҟәаҩцәа аҳәаанырцә инырхит  592 миллион лари

Астатистика амилаҭтә маҵзура адыррала,  2023 шықәса ахҧатәи акварталаз Қырҭтәылантә аҳәаанырцәҟа идәықәлеит  819,9 нызқьҩык аныҟәаҩцәа-резидентцәа, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа  18,2%-ла еиҳауп.  Иара убас, аусбарҭа аҳасабырба инақәыршәаны, Қырҭтәыла арезидентцәа аҳәаанырцә имҩаҧыргеит  397,6 нызқь атуристтә визитқәа, ари арбагагьы ҵыхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 38,2%-еиҳауп. Авизитқәа реиҳара  (48,1%) мҩаҧыргеит   31-50  шықәса зхыҵуа Қырҭтәылатәи аҭааҩцәа-резидентцәа.

Астатистика амилаҭтә маҵзура адыррала,   2023 шықәса ахҧатәи акварталаз зегьы реиҳа ирацәаны авизитқәа  — 33,4% — мҩаҧган ахәаахәҭра амзызла.

Аҳасабырба зызку аамҭа иалагӡаны ақырҭуа аныҟәаҩцәа аҳәаанырцә инырхит  592,4 миллион  лари, ари арбага ҵыхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага  аасҭа 7,1%-ла еиҳауп.