Ассоциациатә трио аҧыза-министрцәа Евроеидгылаҟны имҩаҧырго аиҧыларақәа раан иззааҭгыло азҵаарақәа ирылацәажәеит
Ассоциациатә трио аҧыза-министрцәа Евроеидгылаҟны имҩаҧырго аиҧыларақәа раан иззааҭгыло азҵаарақәа ирылацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр анапхгара ззиуа ақырҭуа делегациа Бриуссель иҟоуп.

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҿқәа рҟны аиҿцәажәарақәа иалагаанӡа, аиҳабыра рнапхгаҩы, украинатәи молдоватәи иколлегацәа дырҧылеит.

Иракли Ҕарибашвилии, Денис Шмигали, Наталиа Гаврилицеи ҧхынҷкәын 15 рзы имҩаҧысраны иҟоу Мрагыларатә партниорра асаммит аҟынтә иззыҧшу алҵшәақәа ирылацәажәеит.
Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аҵакы ду амоуп асаммит аҵыхәтәантәи адекларациаҿы Қырҭтәыла европатәи аҽазышәарақәа раарҧшреи  атәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи. Иара убас, Қырҭтәылазы аҧыжәара амоуп  Евроеидгылаҟны атранспорттәи акоммуникациатәи аимадара арҕәҕәареи абри ахырхарҭала аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵареи, Евроеидгыла иаку аекономикатә қәыҧшылара алахәызаареи, асектортә усеицура излауа ала арҭбаареи. Ассоциациатә трио аҧыза-министрцәа ишазгәарҭаз ала, даара Евроеидгыла иаку аекономикатә қәыҧшылара алахәызаареи асектортә усеицура излауа ала арҭбаареи рҭахуп, избанзар, абри зегьы Евроеидгылаҟны аинтеграциаҿы ирыцхраауеит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, дара  рвизит ала даҽазнык ишьақәдырҕәҕәар рҭахуп  евроинтеграциа апроцесс иаҳа арҕәҕәареи, уажәазы иҟоу алҵшәақәа аихшьаала рзуреи, Евроеидгылаҟны асектортә интеграциа арҭбааразы анеҩстәи аконкреттә шьаҿақәа рҳәаақәҵареи шырҭаху.

Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҧыза-министрцәа иахьа Бриуссель зыҩаӡара ҳараку аиҧыларақәа мҩаҧыргоит. Аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишели, Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени, Европарламент ахада Девид-Мариа Сассоли рҟны.