Associated Press - ЕАШ-и Урыстәылеи ацҳаражәҳәрақәа рперсонал ахыԥхьаӡара аиҭашьақәыргыларазы еиқәшаҳаҭхеит
ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио иҟаиҵаз аҳәамҭала, ЕАШ-и Урыстәылеи Москвеи Вашингтони рҿы иҟоу ацҳаражәҳәрақәа рперсонал ахыԥхьаӡара аиҭашьақәыргыларазы еиқәшаҳаҭхеит.
Associated Press аинтервиу аҿы Рубио ишазгәеиҭаз ала, аганқәа ари азы еиқәшаҳаҭхеит Украина аҭынчратә еиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы амиссиақәа реиҿкааразы.