Аспорт ду Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ
Аспорт ду Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ

Актәи аканал асезон ҿыц алагаратә кампаниа хәҭақәак рыла ишьақәгылоуп.  Аспорттә аҧхынра иалагеит амҵәышәампыл азы Адунеи ачемпионат ала, цәыббразы Актәи аканал ахәаҧшцәа ирыднагалоит  «Арегби азы адунеи ахраҿа», иара убас, атлетика хьанҭазы Адунеи ачемпионати, ашьапылампыл азы  2024 шықәсатәи Европа ачемпионатаз алхратә матчқәеи.

Абарҭ ахҭысқәа зегьы ақырҭуа спорт аҭоурыхаҿ аҵакы ду рымоуп. Актәи аканал аплатформақәа  – ахәаҧшцәа аспорт ду абареи  Қырҭтәыла аизга адгылара азаарҧшреи ахьрылшо ҭыҧуп.

«Ҳара  амилаҭтә аизгақәа рыдгылара апроцессаҿ  алагала аҟаҵароуп хықәкыс иҳамаз. Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу акампаниала ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахын ҳтәыла 2 командак Адунеи ачемпионатқәа ишрылахәы. Иара убас, ахәаҧшцәа иргәалаҳаршәар ҳҭахын ахадаратә аспорттә уснагӡатәқәа  Актәи аканал аплатформақәа рҿы ирбар шрылшо», — иҳәеит Актәи аканал абрендинг агәыҧ анапхгаҩы Џьаба  Мелқаӡе.

Акампаниа нагӡахоит цәыббразы аплатформа ҿыц аус арура ала. Актәи аканал асезон ҿыц алагамҭаз аусура иалагоит  хәыда-ҧсадатәи аплатформа  BVOD (аҳәарала адырраҭаратә видео) 1TVplay,  уи ала ахәаҧшцәа ирбар рылшоит ахадаратә аспорттә уснагӡақәа рлаивстримқәеи зхаҭабзиара ҳаракӡоу ақырҭуа аалыҵи.

«Қырҭтәыла Актәи аканал хықәкыс иамоуп аудиториа асегментқәа зегьы аплатформақәа зегьы рыла еиуеиҧшым, аинтерес зҵоу аалыҵ рыдгалара.  Асезон ҿыц инаркны ахәаҧшцәа ирыдаагалоит раҧхьатәи ақырҭуа хәыда-ҧсадатәи  BVOD-платформа – 1TVplay. BVOD –   арыцхәтә  дистрибуциа иазку ҳстратегиа хәҭак ауп, уи аус адулара иалахәын Европатәи адырраҭарақәа реидгыла аекспертцәа», — илҳәеит Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.