Асоциалтә хылаԥшра агентра - Асоциалтә усзуҩцәеи ацхырааратә персонали ахәыҷы цыԥхьаӡа изинқәа хьҷазарц, иҳалшо зегь ҟарҵоит
Асоциалтә хылаԥшра агентра - Асоциалтә усзуҩцәеи ацхырааратә персонали ахәыҷы цыԥхьаӡа изинқәа хьҷазарц, иҳалшо зегь ҟарҵоит

Ҳара аҭыԥ аҿы ҳаҟоуп, ахәыҷы цыԥхьаӡа иҭаххарақәа индивидуалла ҭаҳҵаауеит. Уажәтәи аетап аҿы апланқәа ирызкны алкаа ма иконкрету агәаанагара аарԥшра изаацәоуп, – Ниноҵминдатәи апансион иадҳәаланы  абри аҳәамҭа ҟалҵеит Асоциалтә хылаԥшра агентра азанааҭтә хылаԥшра аҟәша аиҳабы Елене Марташвили.

Марташвили лажәақәа рыла, асоцусзуҩцәа аҭыԥ аҿы иаанханы, аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит.

“Ҳара аҭыԥ аҿы ҳаҟоуп, ахәыҷы цыԥхьаӡа иҭаххарақәа индивидуалла ҭаҳҵаауеит. Уажәтәи аетап аҿы апланқәа ирызкны алкаа ма иконкрету агәаанагара аарԥшра изаацәоуп. Ҳспециалистцәа уахи-ҽни аҭыԥ аҿы иҟазаауеит.  Ахәыҷы цыԥхьаӡа ҳиацәажәоит, анализ изыҟаҳҵоит, уи ашьҭахь ауснагӡатә план аус адулара ҳалагоит. Асоциалтә усзуҩцәеи ацхырааратә персонали ахәыҷы цыԥхьаӡа изинқәа хьҷазарц, иҳалшо зегь ҟарҵоит,” – илҳәеит Марташвили.