Қырҭтәыла агәабзиаарахьчара аминистрра – Ахылаҧшра азы агентра ахаҭарнакцәа Ниноцминдатәи апансион аҟынтә 11ҩык зықәра наӡам ргеит
Қырҭтәыла агәабзиаарахьчара аминистрра – Ахылаҧшра азы агентра ахаҭарнакцәа Ниноцминдатәи апансион аҟынтә 11ҩык зықәра наӡам ргеит

Ахылаҧшра азы агентра ахаҭарнакцәа Ниноцминдатәи апансион аҟынтә 11ҩык зықәра наӡам ргеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистрра. Апансион аҿы иаанхаз асоциалтә усзуҩцәеи апсихологцәеи аусура нарыгӡоит.

«Уажәтәи аетап азы, Ахылаҧшра азҵаарақәа рзы  аҳәынҭқарратә агентра, зықәра наӡам ауааҧсыра рхылаҧшразы альтернативтә формақәа рыҧшаахьеит. Абарҭ аформақәа иреиуп абиологиатә ҭаацәарашҟа аинтеграциеи, ахәыҷтәы ҩнқәа рахь зықәра наӡам риагареи.

Ахәыҷқәа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара аҳәынҭқарразы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп. Абри апринцип ашьаҭа ала, Ниноҵминдатәи апансион аҿы Ахылаҧшра азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә агентра аусура нарыгӡоит», — иануп Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациаҿы.