Арегби азы Адунеи Ахраҿаз Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы #1TVSPORT
Арегби азы Адунеи Ахраҿаз Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы #1TVSPORT

Қырҭтәыла Актәи аканал, аексклиузивла ахәаҧшцәа ирыднагалоит арегби азы Адунеи Ахраҿа –  2023.

«Ауаажәларратә дырраҭараҿы ахәаҧшцәа аспорт ду рзыҧшуп. Зҵакы дуу аспорттә уснагӡатәқәа зегьы ртранслиациа ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа иреиуп.  2022 шықәса анҵәамҭанӡа ари аус иалаҳҵоит  5 миллион лари. Асезон инагӡоит, жьҭаара  8 инаркны, Актәи аканал аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны,  ахәаҧшцәа идҳарбоит арегби азы  аҳәса рыбжьара Адунеи ахраҿа, уи аҳәсатә спорт аҿиаразы зҵакы дуу хҭысуп», — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Франциа имҩаҧысраны иҟоу арегби азы Адунеи Ахраҿа Қырҭтәыла Актәи аканал ишиашо ицо аефираҿ иддырбоит.