Ақырҭуааи аҧсуааи рылахәызаарала Сҭампыл имҩаҧган хабарӡа ибжьаӡыз ауаа рыҧшаара иазку акоординациатә механизм 15-тәи аилатәара
Ҧхынҷкәын 20 рзы, ақырҭуааи аҧсуааи рылахәызаарала Сҭампыл имҩаҧган хабарда ибжьаӡыз ауаа рыҧшаара иазку акоординациатә механизм 15-тәи аилатәара. Аиҧылара мҩаҧысуан Аџьар Ҟаҧшь жәларбжьаратәи акомитет ахантәаҩрала. Ари аинформациа аланарҵәеит аҳәынҭқарратә министр иаппарат.
Аусбарҭа адыррала, акоординациатә механизм аусура абзоурала, иахьа уажәраанӡа иҧшааны иҵхуп 526ҩык рыҧсыбаҩқәа. Урҭ рҟынтә 273ҩык изусҭцәадақәаз еилкаауп, урҭ рыҧсыбаҩқәа цәа рҭаацәарақәа ирыҭоуп.
Иахьазы хабарда ибжьаӡит ҳәа иҧхьаӡоуп 1870ҩык, урҭ рҭаацәарақәа аконкреттә аҭак аиура иахыццакуеит.
Акоординациатә механизм аҧҵан 2010 шықәсазы. Уи хықәкыс иамоуп 1992-1993 шықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ауаа рыҧшаара.