Ақырҭуа оппозициа ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы, аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иаҳәоит
Ақырҭуа оппозициа ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы, аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иаҳәоит

Ақырҭуа оппозициа ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы, аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иаҳәоит. Адепутат Хаҭуна Самниӡе ари азҵаара иқәлыргылеит апарламент абиуро иахьатәи аилатәараҿы.

«Сшәыҳәоит, ҳуал наҳагӡап. Евроеидгыла абираҟ ҩынтә ирблит. Апарламенттә аиҳара, акы еиҧшымкәа сшәыҳәоит, абри азҵаара мацараҿ акәзаргьы, шәҳадгыл, аусеилыргаратә комиссиа еиҿкаатәуп.  Уажәы сара абираҟ ма аџьар сазааигәахар сҭаххар, аполициа иаразнакҵәҟьа акордон ҟаҵаны, ааигәара снарышьҭуам.  Амчыларатә гәыҧқәа ҩынтә абираҟ абылра зларылшеи?  Ҳаҭыр зқәу ахантәаҩы, абираҟ ашьҭыхра мацара иазхом,  Евроеидгыла абираҟ зблыз деилаҳкаар ҳҭахуп. Ҳара иахьагьы амчыларазы ааҧхьара ҳаҳауеит», — илҳәеит Самниӡе.